Алаҵақәа аҟаҵара зҭаху атәылауаа, апортал ҷыдаҿ аҭаҩра ирылшоит
Алаҵақәа аҟаҵара зҭаху атәылауаа, апортал ҷыдаҿ аҭаҩра ирылшоит

Агәабзиарахьчара аминистр Екатерине Тикараӡе иҟалҵаз аҳәамҭала, иахьа авакцинациа ахеилак аҿы аҵак ду змоу аӡбара рыдыркылеит. Ари аӡбара апортал ҷыда аԥҵара иазкуп. Аминистр лажәақәа рыла, апортал ала атәылауаа реиҳара иалырхуа алаҵа ахьӡ еилкаахоит.

«Алаҵақәа аҟаҵара зҭаху атәылауаа, апортал ҷыдаҿ аҭаҩра ирылшоит. Ари апортал  ахьарԥш Агәабзиарахьчара аминистрра асаити Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр асаити ирнылоит. Атәылауаа алаҵа алхра ирылшахоит,» – илҳәеит аминистр.