Алаҵа "Синовак" Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара авторизациа аиуит
Алаҵа "Синовак" Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара авторизациа аиуит

Алаҵа “Синовак” Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара авторизациа аиуит.

Ари атәы аанацҳаит агентра “Роитер” аиҿкаара аҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Аиҿкаара аинформациа аҿы ишану ала, зхы иақәиҭу аекспертцәа ргәаанагарақәа рыла, алаҵа 18 шықәса иреиҳаны зхыҵа ауааԥсыра рзыҟаҵара ҟалоит, аҩбатәи адоза ҟаҵатәуп 2-4 мчыбжьтәи аинтервал аҿы.

Қырҭтәыла “Синовак”100 000 адоза мшаԥы 29 рзы аиуит, Синвак аҟаҵара апроцесс алагеит лаҵара 24 рзы.

“Синовак” “Синофарм” еиԥш аинактивациатә алаҵоуп.