Альберт Джонсон – Аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа аҩбатәи атур ибзианы еиҿкаан, аконкуренциа еиқәыршәан, акампаниа атәыла зехьынџьара имҩаҧган
Альберт Джонсон – Аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа аҩбатәи атур ибзианы еиҿкаан, аконкуренциа еиқәыршәан, акампаниа атәыла зехьынџьара имҩаҧган

Аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа аҩбатәи атур ибзианы имҩаҧысит, аха,  уажәгьы инагӡо аполиаризациеи  уи иадҳәалоу ариторика цәгьеи апроцесс азы анырра рыман, — иҳәеит Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара анаҧшратә миссиа анапхгаҩы  Альберт Джонсон.

«Аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа аҩбатәи атур ибзианы еиҿкаан, аконкуренциа еиқәыршәан, акампаниа атәыла зехьынџьара имҩаҧган . Акандидатцәа акампаниа амҩаҧгара алшара рыман,  аха,  аоппонентцәа дара -дара ауаа рыршәареи рықәыҕәҕәареи рхарарҵон. Анапхгаратә партиа аҧыжәара шамаз убарҭан. Хазхаҭалатәи ателеканалқәа,  ҧасеиҧш,  иаартны позициак иадгылон», — иҳәеит Джонсон.

Иара иажәақәа рыла алхрақәа рымш ибзианы еиҿкаан,  ҭынч имҩаҧысит.

«Инеизакны иуҳәозар,  абжьыҭиреи абыжьқәа рыҧхьаӡареи апроцесс ахәшьара бзиа аиуит,  аха, апроцедуратә проблемақәак иҟан.  Ҳзыргәамҵуа факткгьы иҟоуп, лассы-лассы анаҧшратә аиҿкаарақәа апартиақәа рыдгылаҩцәас иқәгылон,  алхырҭақәа рынҭыҵ алхыҩцәа рзы анырра рҽазыркәан», — иҳәеит Альберт Джонсон.

Аамҭакала, иара ишазгәеиҭаз ала, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаареи Венециатәи акомиссиеи рыбжьагарақәа нагӡамызт.