Актиор Мераб Ниниӡе Британиатәи ихьыҧшым акино апремиа номинантс дҟалеит
Актиор Мераб Ниниӡе Британиатәи ихьыҧшым акино апремиа номинантс дҟалеит

Ақырҭуа актиор Мераб Ниниӡе  — Британиатәи ихьыҧшым акино апремиа аиуразы номинанст дҟалеит. Мераб Ниниӡе  афильм The Courier аҿы аҩбатәи аплан иаҵанакәа иреиҕьу ахаҵатә роль азы апремиа иоур ауеит.

Арежиссиор Доминик Кук иҭихыз афильм аҿы Мераб Ниниӡе дицхәмаруеит еицырдыруа актиор Бенедикт Камбербетч.

Variety ишану ала,  British Independent Film Awards  аҿы  17 номинациақәа рҿы аиааирагаҩцәа рыхьӡқәа рҳәоит  2021 шықәса жәабран азы.