Акоронавиурс аҽыхьчаратә вакцина Қырҭтәылаҟа иааргараны иҟоуп хәажәкыра 22 рзы
Акоронавиурс аҽыхьчаратә вакцина Қырҭтәылаҟа иааргараны иҟоуп хәажәкыра 22 рзы

«Заанаҵтәи адыррақәа рыла, акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина Қырҭтәылаҟа иааргоит хәажәкыра 22 рзы,  Pfizer ахырхарҭала авакцинациа апрограмма иалагоит хәажәкыра анҵәамҭанӡа», — илҳәеит агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниа.

Лара лажәақәа рыла, иахьа  Pfizer аофис хадеи аплатформа «Ковакси» рхаҭарнакцәа рҟны аконсультациақәа мҩаҧган.

«Pfizer авакцина аагаразы иацҵаны ишьақәыргылоу аҭагылазаашьақәа ҳрылацәажәеит.  Атәылашҟа авакцина аагара аетапқәа зегьы еилҳаргеит. Дара «адаҷ хьшәашәеи», аҳаирбаҕәазантә авакцина ахьнарго ацентрқәеи, авакцинациа ахьымҩаҧысуа аҭыҧқәеи ирызкны иацҵаны аинформациа рҭахын.  Заанаҵтәи адыррақәа рыла, хәажәкыра 22 рзы авакцина ҳауеит, хәажәкыра анҵәамҭазы авакцинациа апрограмма ҳалагоит», — илҳәеит Габуниа.