Акоронавирус аштамм ҿыц аларҵәара инамаданы, Қырҭтәыла аҳәаа ахысраан аатәылак ртәылауаа рзы аԥкрақәа шьақәгылоуп
Акоронавирус аштамм ҿыц аларҵәара инамаданы, Қырҭтәыла аҳәаа ахысраан аатәылак ртәылауаа рзы аԥкрақәа шьақәгылоуп

Акоронавирус аштамм ҿыц аларҵәара инамаданы, Қырҭтәыла аҳәаа ахысраан аатәылак ртәылауаа рзы аԥкрақәа шьақәгылоуп. Арегулиациақәа амч роуеит абҵра 28 инаркны. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟынтә.

Дарбанызаалак ауаҩҧсы, итәылауаҩра иахьыҧшымкәа, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыҩнуҵҟала ҵаҟа еиқәыҧхьаӡоу атәылақәа руакы аҿы дыҟазар, Қырҭтәыла аҳәаа данахыслак, 14 мшы акарантинтә қәыҧшылараҿы аҽыҧхьакраҿ дыҟазаауеит. Зыӡбахә ҳәоу атәылақәа роуп: Аладатәи Африка, Ботсвана, Зимбабве, Намибиа, Лесото, Есватини  (Свазиленд), Мозамбик, Малави.

14-мштәи аҽыҧхьакра/карантин ашьҭахь, ауааҧсыра PCR-тест рзыҟарҵоит. Қырҭтәыла атәылауаа акарантинтә сасааирҭеи PCR-тести рыхәҧса рзыхнаҩоит аҳәынҭқарра, атәымуаа ахарџьқәа зегьы рхала иршәоит.  Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак зыӡбахәы ҳәоу аӡбара аднакылеит еиқәыҧхьаӡоу атәылақәа рҿы акоронавирус аштамм ҿыц „Омикрон“ аларҵәара амшала, аӡбара амч аиуеит абҵара 28 инаркны.