Акоронавирус амшала атәылаҿы ишьақәыргылоу аҧкрақәа хықәкыла еилазго аиҿкаарақәа аҳәынҭқарратә цхыраара ауснагӡатәқәа рҽалархәра рылшом
Акоронавирус амшала атәылаҿы ишьақәыргылоу аҧкрақәа хықәкыла еилазго аиҿкаарақәа аҳәынҭқарратә цхыраара ауснагӡатәқәа рҽалархәра рылшом

Акоронавирус амшала атәылаҿы ишьақәыргылоу аҧкрақәа еилазго аиҿкаарақәа аҳәынҭқарра аҟынтә аҧаратә цхыраара роуам, иара убас, ҳаҧхьаҟагьы, аҳәынҭқарратә адгылара ауснагӡатәқәа рҽалархәра рылшоим, —  аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы ари атәы ааицҳаит Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариа.

«Хықәкыла аҧкрақәа еилазго аиҿкаарақәа ахьырхәра ҕәҕәа роуеит. Иара убас, ишыҳаӡбаз ала, ас еиҧш иҟоу аилахәырақәа  апандемиа аан аекономикатә цхыраара аплан ала иазҧхьагәаҭоу  аҧаратә цхырара роуам.  Уи адагьы, дара ҳаҧхьаҟагьы аҳәынҭқарратә цхыраара ауснагӡатәқәа ирылахәхәом.  Абри аӡбара ииашоуп ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар ҳтәылауаагьы аиҿкаарақәагьы аҭакҧхықәра ду  рхы иадырҵароуп», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.