Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 918 Қарҭ иаарҧшын, 414 - Имереҭи, 242 – Аҷара
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 918 Қарҭ иаарҧшын, 414 - Имереҭи, 242 – Аҷара

Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз афакт ҿыцқәа рҟынтә: 918 Қарҭ аарҧшуп, Имереҭи  – 414, Аҷара – 242. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 25 624 атестқәа:  18 740 – антиген азы, PCR – 6 884.

Аҵоура арбага: ҽнактәи – 7.67%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 8.77%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 7.63%.

Атәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәан 567 922–ҩык, урҭ рҟынтә 523 669-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 7 917 -ҩык иҧсит.

Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 1 340 062-ҩык, ҽнакала –  24 262-ҩык.

Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз  2571 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә: 918 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара – 224, Имереҭи  – 414, Қвемо Қарҭли  —   195,  Шида Қарҭли   – 172, Гуриа  —  89, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла  — 204,  Кахеҭи – 242,  Мцхеҭа – Мҭианеҭи  – 49, Самцхе-Џьавахеҭи  — 49, Раҷа – Лечхумии Аладатәи Шәантәылеи  – 15.