Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 245 Қарҭ иаарҧшын, 123 - Имереҭи,  101 – Кахеҭи
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 245 Қарҭ иаарҧшын, 123 - Имереҭи, 101 – Кахеҭи

Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз афакт ҿыцқәа рҟынтә: 245 Қарҭ аарҧшуп, Имереҭи  – 123, Кахеҭи – 101. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 32 071 атестқәа:  17 485 – антиген азы, PCR – 14 586.

Аҵоура арбага: ҽнактәи – 6.23%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 6,48%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 6,01%.

Атәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәан  607155–ҩык, урҭ рҟынтә 578881-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 8844-ҩык иҧсит.

Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 1749457-ҩык, ҽнакала – 6617-ҩык.

Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз  2 176 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә: 245 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара – 48, Имереҭи  –  123, Қвемо Қарҭли  — 28, Шида Қарҭли   – 19, Гуриа  —  9, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла  — 58, Кахеҭи –  101,  Мцхеҭа – Мҭианеҭи  –  17, Самцхе-Џьавахеҭи  — 12, Раҷа – Лечхумии Аладатәи Шәантәылеи  – 3.