Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 174 Қарҭ иаарҧшын, 31 - Аҷара, 28 – Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 174 Қарҭ иаарҧшын, 31 - Аҷара, 28 – Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла

Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 174 Қарҭ иаарҧшын, 31 – Аҷара, 28 – Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 11117 атестқәа: 5477  – антиген азы,  PCR –  5640.

Аҵоура арбага: мышктәи –  2.76%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 2.88%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 2.98%.

Аепидемиa иaнaлaгa инaркны иaхьaнӡa, aтәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәоуп 349405–ҩык, урҭ рҟынтә 334519-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 4934-ҩык иҧсит.

Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 173345-ҩык, мышкала – 1119-ҩык.

Акaрaнтинтә қәыҧшылaрaқәa рҿы иҟоуп 30-ҩык, 627-ҩык aклиникатә сaсaaирҭaқәa рҿы иҟоуп,  3428-ҩык aхәышәтәырҭaқәa ирҭоуп.

Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз  307  акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә:  174 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара — 31, Имереҭи —  21, Қвемо Қарҭли  —  20,  Шида Қарҭли  —  3, Гуриа  — 3, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла  — 28,  Кахеҭи  — 14,  Мцхеҭа – Мҭианеҭи  —  7,  Самцхе-Џьавахеҭи  — 4, Раҷа – Лечхумии Аладатәи Шәантәылеи  — 2.