Аконкурс  «Ранина» аиааирагаҩы  Николоз Қаџьаиа Қырҭтәыла ахьӡала ахәыҷтәы Евровидение аҿы дықәгылоит Гиги Кухианиӡе иашәа ала  - аклип апремиера  (видео)

Қырҭтәыла Актәи аканал аконкурс  «Ранина» аиааирагаҩы  Николоз Қаџьаиа Қырҭтәыла ахьӡала ахәыҷтәы Евровидение аҿы дықәгылоит Гиги Кухианиӡе иашәа ала.  Ҷыдала аконкурс азы  Гига Кухианиӡе иҩит ашәа  «Шәааи,   аччаҧшьқәа еизаагап» (lets count the smiles).

Ашәа апремиера мҩаҧысит Қырҭтәыла Актәи аканал аефир аҿы. Иара убас,  ахәаҧшцәа ирбеит Актәи аканал аҿы иҭыхыз аклип.  Аклипи аӡыргареи Евровидение аофициалтә саит аҿы ицәыргоуп.

Аконкурса «Ранина» аҿы аиааира игеит 10 шықәса зхыҵуа Нико Қаџьаиа. Иара еиуеиҧшым авокалтә школқәа рҿы аҵара иҵон. Иакымкәа ателешоуқәеи аконцертқәеи дрылахәын.

Ҧхынҷкәын 19 рзы,  Париж имҩаҧысуеит  XIX-тәи ахәыҷтәы ашәаҳәаратә конкурс  «Евровидение», уи рхы аладырхәоит  19 ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәа. Ишаҧу ала,  аконкурс ишиашо атранслиациа жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы. Қырҭтәыла Евровидение ахәыҷтәы конкурс иалахәып  2007 шықәса инаркны.