Акоммуникациақәа рзы акомиссиа -  Ауаажәларратә дырраҭара ииашаны, ажурналисттә стандартқәа зегьы рыхьчарала алхраҧхьатәи аамҭа иазааҭгылон
Акоммуникациақәа рзы акомиссиа -  Ауаажәларратә дырраҭара ииашаны, ажурналисттә стандартқәа зегьы рыхьчарала алхраҧхьатәи аамҭа иазааҭгылон

 

Акоммуникациақәа рзы акомиссиа ицәырнагеит Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа рмониторинг иазку ахҧатәи аҳасабырба, уи аҿы иаарҧшуп аҩбатәи атур аҳасабырбатә период абҵара 1 инаркны 21нӡа адырраҭарақәа рхаҭабзиаратәи рхыҧхьаӡаратәи анализ.

Акомиссиа адыррақәа рыла,  астандартқәа зегьы рыхьчара ала алхрақәа аҩбатәи атур иазааҭгылон Ауаажәларратә телехәаҧшреи, «Рустави 2»-и Аҷара ателееилахәыреи. Уи аамҭазы,  «Имеди»-и, «Мтавари Архи»-и «Ателееилахәыра  Пирвели»-и ганк иадгылон.

«Ауаажәларратә телехәаҧшраҿы аетикатәи азанааҭтәи стандартқәа зегьы ихьчан, ауаажәларра-политикатә хҭысқәа зегьы аинформациатә программақәа рҿы иаарҧшын. Ажурналистцәа, иарбанзаалак аполиткиатә партиак иадымгылакәа,  акритикатә зҵаарақәа иқәдыргылон. Уи абзоурала, алхыҩцәа ииашоу аинформациа роуан», —  иануп Акоммуникациақәа рзы акомиссиа аҳәамҭаҿы.