Аклиникақәа рҿы аҭыҧқәа ахьыҟам азын, Чехиа  Германтәылеи Швеицариеи Польшеи ирыҳәоит чехиатәи апациентцәа рыдыркыларц

Чехиатәи ареспублика егьырҭ атәылақәа ирыҳәоит  ахатә ковид-пациентцәа рыдыркыларц. Чехиа Агәабзиарахьчара аминистрра аофициалтә саит ишану ала,  аклиникақәа рҿы аҭыҧқәа рыҟамзаара амшала,  атәыла аиҳабыра Германтәылеи,  Швеицариеи,  Польшеи ирыҳәоит чехиатәи аковид-пациентцәа рыдыркыларц. Ари аинформациа аланарҵәеит аҭыжьымҭа  «Гардиан».

«Регионқәак рхәышәтәырҭақәа рҿы аҭыҧқәа иҟаӡам,  дара уаҳа апациентцәа зрыдыркылом», — ирҳәеит Чехиа Агәабзиарахьчара аминистрраҿы.

Иахьазы иҟоу адыррақәа рыла, атәыла ахәышәтәырҭақәа ирҭоуп акоронавирус ала ичмазаҩу   8 153ҩык  апациентцәа,  урҭ рҟынтә 1735ҩык ареанимациатә аҟәшақәа рҿы ишьҭоуп.

Хәажәкыра 1 инаркны Чехиа ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи иаркуп. Афатәаалыҵ адәқьанқәа рыда,  егьырҭ ахәаахәҭратә обиектқәа зегьы русура аанкылоуп.