Акинорежиссиор  Буба Хотивари иҧсҭазаара далҵит
Акинорежиссиор  Буба Хотивари иҧсҭазаара далҵит

 

74 шықәса шихыҵуаз иҧсҭазаара далҵит акинорежиссиор Буба Хотивари.

Буба Хотивари  Шоҭа Русҭавели ихьӡ зу Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә театртә институт атеатртә ҟазара афакультет далгеит. Анеҩс,  Урыстәылатәи акинематографиа аҳәынҭқарратә институт арежиссиортә факультетгьы далгеит.

Акинорежиссиорс аус иуан акиностудиа  «Грузия-фильми»  Қырҭтәыла ателефильмқәа рстудиеи рҿы.  1986–1991шықәсқәа рзы «Грузия-фильм» аҿартә арҿиаратә еидгыла дахагылан.  1988–1992  шықәсқәа рзы ақырҭуа – британиатә фирма «Moon Globe» директорс дыҟан.

Буба Хотивари имаҷымкәа асахьаркыратәи адокументалтәи фильмқәа ҭиххьан.