АИХ рдыррақәа рыла, Дональд Трамп дшаҵахаз азхаҵара игәы иҭам
АИХ рдыррақәа рыла, Дональд Трамп дшаҵахаз азхаҵара игәы иҭам

Дональд Трамп, иара дшаҵахаз азы аҳәамҭа аҟаҵара макьана  игәы иҭам.  Reuters ари аинформациа аланарҵәеит Трамп ицхырааҩцәа ринформациа шьаҭас иҟаҵаны.

Уажәааны Твиттер аҿы Трамп ишиҩыз ала, алхрақәа рылҵшәақәа дырзашшуеит, иара аханатә абыжьқәа рыҧхьаӡара даҳәоит.

«Иарбан штатзаалак, уаҟа Джо Баиден аиааира шигаз азы аофициалтә ҳәамҭа џьаргьы иҟаҵамызт, аконкуренциа ду ахьыҟоу аштатқәа сагьрылацәажәом, уаҟа аханатә абыжьқәа ҧхьаӡатәуп,», — иануп Трамп иштаб аҳәамҭаҿы.

Трамп иуристцәа, аилагарақәа ирыдҳәаланы, аӡбара ашшыҧхьыӡқәа аларҵахьеит.

Абҵара 7 рзы, америкатә АИХ рыхәҭак, заанаҵтәи адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны, Америка ахада иалхрақәа рҿы Баиден аиааира игеит ҳәа аарыцҳаит.