АИХ адыррақәа рыла, урыстәылатәи арбџьармчқәа уажәгьы Украина аҳәааҿы  игылоуп
АИХ адыррақәа рыла, урыстәылатәи арбџьармчқәа уажәгьы Украина аҳәааҿы  игылоуп

Пентагон иҟоу ахыҵхырҭа шьаҭас иҟаҵаны  The New York Times  ишаанацҳаз ала, урыстәылатәи арбџьармчқәа реиҳара уажәгьы Украина аҳәааҿы игылоуп. НАТО иҟоу ахыҵхырҭа шьҭас иҟаҵаны абри аҩызаҵәҟьа аинформациа аланарҵәеит  Wall Street Journal.

Зыӡбахәы ҳәоу ахыҵхырҭақәа ринформациа инақәыршәаны, Украина аҳәаа инаваршәны игылоуп  80 нызқьҩык раҟара аурыс аруааи ихьанҭоу атехникеи.

Ишдыруа ала, урыстәылатәи арбџьармчқәа еснагьтәи ргыларҭа ашҟа ихынҳәыр акәын лаҵара 1 иахымгакәа.

Wall Street Journal ишану ала, дара Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа ирыҳәеит абри афакт иадҳәаланы аилыркрақәа ҟарҵарц, аха аҭак рмоуит.

Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен  Украина адгылара азааирҧшырц азыҳәан, иаха Киев днеит.