АИХ адыррақәа рыла, Кабул аҳаирбаҕәазаҿы аилаҩынтәра аан 5ҩык ҭахеит
АИХ адыррақәа рыла, Кабул аҳаирбаҕәазаҿы аилаҩынтәра аан 5ҩык ҭахеит

 

АИХ адыррақәа рыла, Кабул аҳаирбаҕәазаҿы аилаҩынтәра аан 5ҩык ҭахеит.

Уааҵәҟьа иҟаз ауааҧсыра ишырҳәаз ала, аҧсцәа амашьына ишҭарҵоз рбеит, аха, арҭ ауаа рыҧсра зыхҟьаз макьана идырым, избанзар, аҳаирбаҕәазаҿы аилаҩынтәра адагьы, ахысрагьы  иҟан.

АИХ адыррақәа рыла, ауаа аҳаирплан иақәтәар рҭахын, аха,  америкатә аруаа урҭ раанкыларазы аҳаир ашҟа ихысуан.

Иацы арадикалтә гәыҧ  «Талибан» Афганистан аҳҭнықалақь рган,  ажәлар ирыларҳәеит атәылаҿы  «Афганистан исламтәи аемират» шьақәгылоуп ҳәа. Атәыла ахада Ашраф Гани  инапынҵақәа шьҭаҵаны, Афганистан  дықәҵит.