АИХ адыррақәа рыла, амш анҵәамҭанӡа Израиль атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩцәа Ҕаза асектор ажәылара аплан шьақәдырҕәҕәоит
АИХ адыррақәа рыла, амш анҵәамҭанӡа Израиль атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩцәа Ҕаза асектор ажәылара аплан шьақәдырҕәҕәоит

АИХ адыррақәа рыла, амш анҵәамҭанӡа Израиль атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩцәа Ҕаза асектор ажәылара аплан шьақәдырҕәҕәоит. Израильтәи АИХ ари аинформациа аладырҵәеит  атәыла арбџьармчқәа рдыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Анеҩс, Аладатәи анапхгара ари аплан Израиль аполитикатә напхгара ашьақәырҕәҕәаразы ирыдаргалоит.

Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Израиль Атәылахьчаратә мчқәа аҳәаашаҟа иацҵаны адгьылтә ар наргеит, аха зыӡбахәы ҳәоу акампаниа алагаразы макьана аӡбара рыдрымкылацт.