Аиустициа аминистрра – Қырҭтәыла, "Азакәан аиҳаӡара аиндекс" инақәыршәаны,  Мрагыларатә Европеи Агәҭатә Азиеи арегионқәа рҿы  аҧхьагылара амоуп
Аиустициа аминистрра – Қырҭтәыла, "Азакәан аиҳаӡара аиндекс" инақәыршәаны,  Мрагыларатә Европеи Агәҭатә Азиеи арегионқәа рҿы  аҧхьагылара амоуп

 “Азакәан аиҳаӡара аиндекс” инақәыршәаны,  2021 шықәсазы Қырҭтәыла, Мрагыларатә Европеи Ацентртә Азиеи арегион аҿы аҧхьагылара амоуп.  Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра.

World Justice Project  Азакәан аиҳаӡара аиндекс” шьақәнаргылоит  44 индикаторқәа рышьаҭала,  139 ҳәынҭқаррақәа рҿы азакәан аиҳаӡара аганахьала аҭагылазаашьа ахәшьара аҭаны.

«Акоррупциа аҟамзаареи, ахадаратә зинқәеи, анормативтә аиқәыршәареи,  ашьауҕатә аиашаӡбареи —  абарҭ акатегориақәа рҿы Қырҭтәыла,  Мрагыларатә Европеи Ацентртә Азиеи арегион аҿы актәи аҭыҧ ааннакылоит», — иануп Аиустициа аминистрра аинформациаҿы.