Аиқәырхаҩцәа Қарҭ, ҧҳәыск  Мтквари аӡиас дҭыргеит
Аиқәырхаҩцәа Қарҭ, ҧҳәыск  Мтквари аӡиас дҭыргеит

Аиқәырхаҩцәа Қарҭ, ҧҳәыск  Мтквари аӡиас дҭыргеит. Актәи аканал ари атәы азаарыцҳаит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҷыда ҭагылазаашьақәа рхылаҧшра амаҵзура аҟынтә.

« «112» маҵзура ашҟа адырра ҟаҵан Қарҭ, Дидубе ацҳа ааигәара Мтквари аӡиас аҿы аҧҳәыс дшыҟаз, уи аиқәырхаҩцәа рыцхыраара шылҭахыз азы.

Аҷыда ҭагылазаашьақәа рхылаҧшра амаҵзура ахаҭарнакцәа зыҧшра ҟамҵакәа аҭыҧашҟа инеины, аҧҳәыс дҭыргеит.

Ацхыраара лас аҳақьымцәа  аҧҳәыс ахәышәтәырҭашҟа днаргеит», —  ирҳәеит аусбарҭаҿы.