Аинрал Гьаргь Квинитаӡе иҧсыбаҩ Самеба акафедралтә ныхабаа аҟынтә идәылыргеит  (афото\авидео)

 

Аинрал Гьаргь Квинитаӡе иҧсыбаҩ Самеба акафедралтә ныхабаа аҟынтә идәылыргеит. Аинрал иҧсыбаҩ Мҭаҵминда иҟоу Апантеон ашҟа инаргеит. Аинрал Квинитаӡе иахьа уаҟа анышә дамардоит.

Уаанӡа, Қырҭтәыла Апатриарх Илиа аҩбатәи иҟаиҵаз ааҧхьара даҧхьеит Апатриарх ишьҭрамҭаҩ амитрополит  Шио. Ажәахә ҟарҵеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии, Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии, апарламент ахантәаҩы Каха Куҷавеи, атәылахьчара аминистр Джуаншер Бурҷулаӡеи, Франциа иҟоу ақырҭуа уаажәларра анапхгаҩы Оҭар Зурабишвилии.