Аинрал Гьаргь Квинитаӡе иҧсыбаҩ  Қырҭтәыла анышә иамардоит
Аинрал Гьаргь Квинитаӡе иҧсыбаҩ  Қырҭтәыла анышә иамардоит

Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара ала, аемиграциаҿы зыҧсҭазаара иалҵыз Қырҭтәыла  раҧхьатәи ареспублика арбџьармчқәа рҧыза,  Қырҭтәыла амилаҭтә фырхаҵа аинрал Гьаргь Квинитаӡе Қырҭтәыла анышә дамардоит.

Аинрал Гьаргь Квинитаӡе иҧсыбаҩ Франциантә Қырҭтәылаҟа ииаргоит лаҵара 22 рзы.

Лаҵара 22 инаркны, Самеба акафедралтә ныхабаа аҿы, атәылауаҩратә панихида мҩаҧысуеит, лаҵара 26 рзы Гьаргь Квинитаӡе иҧсыбаҩ Мҭаҵминда иҟоу ашәҟәыҩҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи рпантеон аҿы анышә иамардоит.
Гьаргьы Квинитаӡе  1874 шықәса нанҳәа 21 рзы диит. Қарҭи Петербурги арратә аҵара иоуит.  Қырҭтәыла раҧхьатәи ареспублика шьақәгылаанӡа,  1917 шықәса аҩбатәи азбжа инаркны,  ақырҭуа арбџьармчқәа раҧҵара апроцесс активла далахәын. Алагала ду ҟаиҵеит  1919 шықәсазы ақырҭуа арратә школ ашьаҭаркра аус аҿы, зыӡбахәы ҳәоу ашкол раҧхьатәи данапхгаҩын.  1918-1921 шықәсқәа рзы еиуеиҧшым афронтқәа рҿы имҩаҧысуаз аибашьра далахәын. 1921 шықәсазы Урыстәыла – Қырҭтәылатәи еибашьра аан, жәабран  16 рзы, арбџьармчқәа рҧызас дҟарҵеит.
Асоветтә Урыстәыла ала Қырҭтәыла ампыҵахалара анеҩс, аинрал Квинитаӡе, аиҳабыреи егьырҭ арратә напхгаҩцәеи рыгәҭа, аемиграциашҟа дцеит. Франциа дынхон, уаҟа 1970 шықәсазы иҧсҭазаара далҵит.