Аинрал Гьаргь Квинитаӡе иҧсыбаҩ Франциантә Қырҭтәылаҟа иааргеит  (фото, видео)

Қырҭтәыла раҧхьатәи ареспублика ар рҧыза хада, аинрал Гьаргь Квинитаӡе иҧсыбаҩ Франциантә Қырҭтәылаҟа иааргеит.

Аемиграциаҿы иҧсыз аинрал иаҳаҭыр аҟынтә, Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы  аофициалтә уснагӡатә мҩаҧган.

Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара ала,  Қырҭтәыла раҧхьатәи ареспублика ар рҧыза хада, аинрал Гьаргь Квинитаӡе иҧсыбаҩ Қырҭтәыла анышә иамардоит.

Лаҵара 22 инаркны,  Самеба акафедралтә ныхабаа аҿы атәылауаҩратә панихида мҩаҧысуеит. Лаҵара 26 рзы  —  Қырҭтәыла ахьыҧшымра амш азы,  Гьаргь Квинитаӡе иҧсыбаҩ Мҭаҵминда иҟоу Апантео аҿы анышә иамардоит.