Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы Иракли Ҕарибашвилии Џьеимс Аппатураи реиҧылара мҩаҧысит
Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы Иракли Ҕарибашвилии Џьеимс Аппатураи реиҧылара мҩаҧысит

 

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Џьеимс Аппатураи диҧылеит.

Иракли Ҕарибашвили Џьеимс Аппатураи  ҭабуп ҳәа иеиҳәеит НАТО ашҟа Қырҭтәыла аинтеграциа апроцесс аҿы иҟаиҵо алагала дуи Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгылареи  азыҳәан.

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан НАТО Арратә комитет алахәылацәа цәыббразы Қырҭтәыла имҩаҧыргараны иҟоу авизит аҵакы. Иара убас,   аиҧылараҿы,  НАТО Бриуссельтәи асаммит аӡбарақәеи,  Амшын еиқәа ашарҭадареи ирызку азҵаарақәа ирылацәажәеит.

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Аҧыза-министр ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Афганистан имҩаҧысуа амиссиаҿы Қырҭтәыла алахәызааразы. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала,  Афганистанынтә арбџьармчқәа ралгара иазкны НАТО ирыдыркылаз аӡбара инақәыршәаны, Қырҭтәыла, астратегиатә партниорцәа  —  Америкеи НАТОи рҟны еиқәшаҳаҭны, ақырҭуа арбџьармчқәагьы   Афганистан иалҵуеит.