Аиҳабыра русмҩаҧгарҭа –  Иранынтә иаауа Қырҭтәыла атәылауаа атәылашҟа раагара амзызла, Қырҭтәыла аиҳабыра агәылара иҟоу атәылақәа активла аус рыцыруеит

Аҧыза-министр инапхгарала акоронавирус иадҳәаланы еиҿкааз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак анеҩстәи аилатәара мҩаҧысит.

Ахеилак иахьатәи аилатәараҿы Қырҭтәыла ахҵәацәеи, агәабзиарахьчареи, асоциалтә ахьчареи рминистр Екатерина Тикараӡе ишылҳәаз ала, акоронавирус змоу ауаа рхыҧхьаӡара ацымлеит, авирус змоу 3ҩык ауааҧсыра рҭагылазаашьа ишәарҭам. Уажәазы иҟоу аинформациа инақәыршәаны, акарантин аҿы иҟоуп 120 ҩык ауааҧсыра.

Иара убас, аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра, агәылара иҟоу атәылақәа активла аус рыцыруеит Иранынтә иаауа, уажәазы Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рҳәааҿы иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа атәылашҟа раагаразы. Арҭ ауаа рымҩангара апроцесс мҩаҧысуеит агәабзиарахьчара аминистрра ала еиқәыршәоу апротокол инақәыршәаны.