Аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аинформациа ишану ала,  акциа алахәылацәа ирацәажәарц азыҳәан Қәҭешь инеит Арегионқәа рҟны аизыҟазаашьақәа рзы адепартамент анапхгаҩи агубернаторцәеи

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили идҵала, акциа алахәылацәа ирацәажәарц азыҳәан Қәҭешь инеит Арегионқәа рҟны аизыҟазаашьақәа рзы адепартамент анапхгаҩи ҩыџьа агубернаторцәеи.

«Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы иҟоу Арегионқәа рҟны аизыҟазаашьақәа рзы адепартамент анапхгаҩы Лери Барнабишвилии Имереҭии Раҷа-Лечхумии арегионқәа рҿы аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа Звиад Шаламбериӡеи Пармен Маргвелаӡеи акциа алахәылацәа рҧылара иазхиоуп. Иара убас, адиалог анагӡаразы Қәҭешьҟа инеит апарламент адепутатцәагьы», — иануп аинформациаҿы.