Аиҳабыра  COVID-19 аҽыхьчаратә вакциана аларҵәара амилаҭтә план шьақәдырҕәҕәеит
Аиҳабыра  COVID-19 аҽыхьчаратә вакциана аларҵәара амилаҭтә план шьақәдырҕәҕәеит

 

Қырҭтәыла аиҳабыра  COVID-19 аҽыхьчаратә вакциана аларҵәара амилаҭтә план шьақәдырҕәҕәеит. Абрифинг аҿы ари атәы лҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Екатерина Тикараӡе.

«Иахьа ҳара зҵакы дуу аӡбара ҳадаҳкылеит, Агәабзиарахьчара аминистрра аиҳабыра ирызцәырыргеит акоронавирус аҿыхьчаратә вакцина аларҵәара амилаҭтә план. Аиҳабыра ари аплан шьақәдырҕәҕәеит.

Ҭамар Габуниа инарҭбаау аинформациа шәызцәырылгоит. Ажәлар еилыркаауеит авакцина шәааҳхәо, иарбан вакциноу иааҳхәо», — илҳәеит Екатерина Тикараӡе.

Аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы Гьаргь Гахариа ишиҳәаз ала,  аплан инақәыршәаны,  2021 шықәса анҵәамҭанӡа Қырҭтәыла ауааҧсыра рҟынтә  60 наӡына еиҵамкәа авакцинақәа рзыҟаҵазароуп. Иара иажәақәа рыла, раҧхьатәи аетап азы авакцинациа иахысуеит зегьы реиҳа ашәарҭара иҭагылоу агәыҧқәа.