Аиҳабыра  алахәылацәа аԥшьҩык акоронавирус рыдбалан
Аиҳабыра алахәылацәа аԥшьҩык акоронавирус рыдбалан

Қырҭтәыла Аиҳабыра ԥшьҩык алахәылацәа акоронавирус рыдбалан. Ари атәы Актәи аканал ахь Аиҳабыра радминистарциа аҟынтә аарыцҳаит.

Акоронавирус рыдбалан Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡеи, Аҵара аминистр Михеил Чхенкелии, Аԥсабарахьчареи ақыҭанхамҩи рминистр Леван Давиҭашвилии, Арегионтә аҿиареи аинфраструктуреи рминистр Иракли Қарселаӡеи.

Арҭ аминистрцәа иахьатәи Аиҳабыра реилатәарахь изымнеит.