Аиашахаҵаҩцәа иахьа Иаса Қьырса иӡаахра амш азгәарҭоит
Аиашахаҵаҩцәа иахьа Иаса Қьырса иӡаахра амш азгәарҭоит

Аиашахаҵаҩцәа иахьа Иаса Қьырса иӡаахра амш азгәарҭоит. Аӡаахра амш инамаданы аныҳәатә литургиа ауахәамақәа зегьы рҿы мҩаԥысит.

Иахьа, Аӡаахра амш аҽны атәыла ауахәамақәа рҟны аӡыԥшьара мҩаԥыргеит.

Аӡаахра амшныҳәаз Анцәа дхазҵо иргәаладыршәоит 30 шықәса ирҭагылаз Иаса Қьырса Галилеинтәи аӡиас Иордан ашҟа дышнеиз иҽӡааихырц азы. Иара аӡы данҭыҵуаз адунеи зегьы ирбарҭахеит Анцәа-Аб, Анцәа-Аԥа, аҳәыҳә асахьа зманы Иаса Қьырса ижәҩахыр иқәтәаз Анцәа-Иԥшьоу идоуҳа. Аӡаахра амшныҳәа ақьырсианцәа иазгәарҭо иалагеит апостолтә аамҭақәа рзы. Ажәытәан Қьырсеи Анцәаибареи мышкны иҟан, аха аамҭақәак рыла ауахәама урҭ аныҳәақәа еиднагеит.

Самеба акафедралтә ныхабааҿы Аӡаахра амш инамаданы имҩаԥысуа аныҳәатә литургиа ишиашоу атранслиациа Актәи аканал аҿы ижәбоит.