Аиҭаҵразы аԥкра иахьа амч амоуп сааҭ 23:00 инаркны асааҭ 04:00-нӡа
Аиҭаҵразы аԥкра иахьа амч амоуп сааҭ 23:00 инаркны асааҭ 04:00-нӡа

Аусбарҭабжьратә координациатә хеилак, азин ҷыда ҳасабала, Мшаҧытә литургиа иадҳәаланы, ҵхыбжьон аиҭаҵразы ишьақәыргылоу аҧкра ԥсаххоит уахык мацара, аиҭаҵра ҟалом лаҵара 1 асааҭ 23:00 инаркны лаҵара 2 асааҭ 04:00-нӡа.

Аусбарҭабжьратә координациатә хеилак аӡбара инақәыршәаны, Мшаҧы аныҳәамшқәа раан   анышәынҭрақәа рахь анеира ҟалом, анышәынҭрақәа рахь ицо амҩақәа зегьы иаркызаауеит.

Аоперативтә штаб аиҳабы Гьаргь Ҕибраӡе  иҟаиҵаз аҳәамҭала, лаҵара 2-4 рзы Қырҭтәыла иахьаҵанакуа анышәынҭрақәа рахь анеира ҟалом.

Лаҵара 4-11 рзы Қырҭтәыла аҧсшьарамшқәа рылаҳәоуп, абри аӡбара ауаа реиҭаҵра армаҷра иазкуп. Акоординациатә хеилак аӡбара ала, лаҵара 3 инаркны лаҵара 12 иналаҧхьаӡаны, Қырҭтәыла зехьынџьара амуниципалтә транспорт аусура аанкылазаауеит.