Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аинформациа ала, ампыҵахаларатә режим ахаҭарнакцәа Роктәи атоннель ааигәара Қырҭтәыла атәылауаҩ дааныркылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аинформациа ала, ампыҵахаларатә режим ахаҭарнакцәа Роктәи атоннель ааигәара Қырҭтәыла атәылауаҩ дааныркылеит

Ампыҵахаларатә режим ахаҭарнакцәа Роктәи атоннель ааигәара изакәанымкәа Қырҭтәыла атәылауаҩ дааныркылеит, – ари атәы аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, изакәаным аанкыларақәа рыдҳәаланы аусура алагеит ацәаҳәа ҷыда, адырра рыҭоуп Евроеидгыла анаԥшратә миссиа хаҭарнакцәеи Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа реицхантәаҩцәеи жәларбжьаратәи партниорцәеи.