Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура Аԥсны аҵакырадгьыл аҟынтә ииасуаз хҩык атәылауаа рҭахра иадҳәаланы аофициалтә аинформациа аланарҵәеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура Аԥсны аҵакырадгьыл аҟынтә ииасуаз хҩык атәылауаа рҭахра иадҳәаланы аофициалтә аинформациа аланарҵәеит

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура Аԥсны аҵакырадгьыл аҟынтә иасуаз хҩык атәылауаа рҭахра иадҳәаланы аофициалтә аинформациа аланарҵәеит.

Аинформациа аҿы ишану ала, хҩык атәылакаа Егры аӡиас ала Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаԥшуа атерриториахь иасра ргәы иҭан.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз ала, аиҭаҵра изакәаным аԥырхагаре изакәаным аанкыларақәа рзы жәларбжьарратәи апартниорцәа рҿаԥхь ампыҵахаларатә режим аҭакԥхықәра азҵаара иқәдыргылоит.

«Ампмыҵахаларатә цәаҳәа ахысраан, Шамгона ақыҭеи Ҭагьлан ақыҭеи рааигәара, Урыстәыла ампыҵахаларатә режим имҩаԥнаго изакәаным аанкылара рықәымшәарц аз, импықахалоу Гал араион хҩык анхацәа Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхалыԥшуа аҵакырадгьыл ахь иасра рҭахын. Рыхҩыкгьы Егры аӡиас аҿы ҭахеит.

Ари ампыҵахаларатә режим аиҭаҵра аганахьала ишьақәнаргылаз изакәаным аԥкрақәа рылҵшәаны иҟалеит. Ари ампыҵазалара зцу ауаҩытәыҩса иҟазшьа иацәтәыму фактуп. Абри еиԥш афактқәа рзы аҭак зыԥхықәу Урыстәылатәи афедерациа ауп.

Иахьатәи афакти азы адырра рыҭоуп Евроеижгыла анаԥшратә миссиа ахаҭарнакцәеи Женеватәи еилацәажәарақәа реицхантәаҩцәеи. Азҵаара иқәҳаргылоит ҳнапаҿы иҟоу аформатқәа зегьы рҿы,» – иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аинформациа аҿы.