Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Заза Гахелаӡе ибаандаҩтәра иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Заза Гахелаӡе ибаандаҩтәра иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит

«Импыҵахалоу Цхинвал закәандарала иаанкылаз Заза Гахелаӡе иҭакразы ирыдыркылаз ақәҵара даҽазнык аанарҧшуеит ампыҵахалара ацәгьауратә ҟазшьа шамоу, уи азы аҭак аҧхықәуп Урыстәыла.

Иахьа импыҵахалоу Цхинвал аӡбара Заза Гахелаӡе 12 шықәсеи фымзи  аҭакра иқәырҵеит.

Жәларбжьаратәи ауаажәларра изныкымкәа иазгәарҭахьеит ампыҵахалатә мчқәа Заза Гахелаӡе закәандарала ишизныҟәо, ҳпартниорцәа зегьы абри афакт иақәыӡбит.

Заза Гахелаӡе  закәандарала данааныркыла  инаркны, Қырҭтәыла ацентртә напхгара, рнапаҿы иҟоу амеханизмқәа зегьы рхы иадырхәоит Гахелаӡе ихақәиҭтәразы. Ари азҵаара иалацәажәоит жәларбжьаратәи апартниорцәагьы. Азеиҧш ҽазышәара ала, ирылшо зегьы ҟарҵоит Заза Гахелаӡе аҩныҟа дхынҳәырцаз», — иануп аҳәамҭаҿы.