Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҿы, Меџьврисхеви иазааигәаны, азакәандаратә ауранагӡара убарҭоуп
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Импыҵахалоу аҵакырадгьыл аҿы, Меџьврисхеви иазааигәаны, азакәандаратә ауранагӡара убарҭоуп

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы ишьақәдырҕҕәеит Меџьврисхеви ақыҭа иазааигәаны азакәандаратә  «абордеризациа»  шымҩаҧысуа.

Аусбарҭа адыррала, зыӡбахәы ҳәоу афакт иадҳәаланы,  «ацәаҳәа ҷыда» аус адыруит, Евроеидгыла Анаҧшратә Миссиа адырра рырҭахьеит.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзураҿы ишырҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу азҵаара иахәаҧшуеит иашьашәалоу аформат иаҵанакәа аиҧыларақәа зегьы рҿы.

Уажәааны аҭыҧантәи ауааҧсыра ишаарыцҳаз ала, Меџьврисхеви ақыҭан арбага ҿыцқәа дыргылеит.