Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа, авакцинациа зыршаҳаҭуа адокумент ҧаршеи ауаа ирызҭоз  Амедицинатә центр  №4 адиректори аҳақьыми ааныркылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа, авакцинациа зыршаҳаҭуа адокумент ҧаршеи ауаа ирызҭоз  Амедицинатә центр  №4 адиректори аҳақьыми ааныркылеит

Ашәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа, авакцинациа зыршаҳаҭуа адокумент ҧаршеи ауаа ирызҭоз  Амедицинатә центр  №4 адиректори аҳақьыми ааныркылеит.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра, аҵыртыша ацынхәрас, ауаҩы Pfizer  авакцинала авакцинациа дахысызшәа адокумент ҧаршеи иҭаны, Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр аофициалтә саит аҿы арегиострациа изыҟарҵон. Убри амшала,  аиммунизациа иахымсыз атәылауаҩ, алаҵа ҟазҵаз иеиҧш абаза данырҵан, иара аковид регулиациа аҳәаақәа ирҭагӡаны ауаа ироуа азинҷыдақәа ихы иаирхәит.

Аусеилыргара аан ишеилкаахаз ала, иаанкылоу ахаҿқәа, уаанӡагьы, изныкымкәа, адокумент ҧаршеи ала, ауаа закәандарала Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр аофициалтә саит аҿы арегистрациа рзымҩаҧыргахьан.