Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура - Ашәарҭадареи, закәандарала ауаа раанкылареи, абордеризациеи азҵаарақәа аполитикатә ашьаҭа рыҭара ҟалом, уи  апроцессқәа зегьы ирҧырхагоуп
Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура - Ашәарҭадареи, закәандарала ауаа раанкылареи, абордеризациеи азҵаарақәа аполитикатә ашьаҭа рыҭара ҟалом, уи  апроцессқәа зегьы ирҧырхагоуп

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура  ампыҵахалатә режим рыла закәандара ауаа раанкылара иазку аинформациа аланарҵәеит.  Аусбарҭа адыррақәа рыла,  ашәарҭадареи, закәандарала ауаа раанкылареи, абордеризациеи уҳәа,  ампыҵахалара иаҵанакәа апроцессқәа зегьы рзы аҭак аҧхықәуп Урыстәылатәи афедерациа, избанзар уи ауп зыӡбахәы ҳәоу арегионқәа ирхылаҧшуа.

Аусбарҭа аинформациа ишану ала,  Аҳәынҭқарратә шәарҭада амаҵзура ауаа  закәандарала раанкылара афактқәа имаӡаны ирымоу ҳәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррақәа рыла, аиҳабыра, рнапаҿы иҟоу ахархәагақәа зегьы рхы иадырхәоит закәандарала иаанкылоу ауааҧсыра рхақәиҭтәразы.

Иара убас, аусбарҭаҿы ишазгәарҭаз ала, аимак аҭыҧ иазааигәаны акциақәа рымҩаҧгара шәарҭоуп.

«Ажәлар ииашаны апротест ҟарҵоит. Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура абри апротест иақәшаҳаҭуп. Аха, апротест аан, хымҧада иазҧхьагәаҭатәуп  аҳәынҭқарра ашәарҭадаразы аҵакы ду змоу егьырҭ азҵаарақәагьы.  Иаҵшьны иазгәаҳҭар ҳҭахуп, ампыҵахалатә цәаҳәа иазааигәаны ауаа рацәа рыла акциақәа рымҩаҧгара амшала аҭыҧаҿы ашәарҭадара аганахьала аҭагылазаашьа иаҳа ицәгьахар ауеит», —  иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәамҭаҿы.