Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҧхьа имҩаҧысуаз акциа аан аӡәы ааха иоуит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҧхьа имҩаҧысуаз акциа аан аӡәы ааха иоуит

«Амилаҭтә ҵысра» аиҿкаарала Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҧхьа имҩаҧысуа акциаҿы аӡәы ааха иоуит.

Апротест алахәылацәа ишырҳәаз ала,  зыхьӡқәа еилкаам ауааҧсыра ааигәара игылоу акорпус ахыб аҟынтә адемонстрантцәа ахаҳәқәа ргәыдырҵоит.

«Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы Ника Мелиа  азинхьчаратә органқәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит абри апровокациа ҭырҵаарц.

«Уи ауаҩшьра аҽазкроуп, избанзар, џьоукы хықәкыла аҭынчратә акциа алахәылацәа ахаҳәқәа ргәыдырҵоит», — иҳәеит Ника Мелиа.

Ааха зауз ишиҳәаз ала, акциаҿы дышгылаз, иаалырқьаны ихы ахаҳә аахеит.

«Хыхьынтә идыршәаз ахаҳә схы иаахеит. Ацхыраара лас аҳақьымцәа ацхыраара сырҭеит, ухы ҧҽуп ҳәа сарҳәеит», — иҳәеит атәылауаҩ.