Аҳәынҭқарратә департамент адыррақәа рыла, Сергеи Лавров ҭелла даниацәажәоз, Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Қырҭтәылеи Украинеи ирҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнагаз агрессиа дазааҭгылеит
Аҳәынҭқарратә департамент адыррақәа рыла, Сергеи Лавров ҭелла даниацәажәоз, Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Қырҭтәылеи Украинеи ирҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнагаз агрессиа дазааҭгылеит

 

Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкени Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови ҭелла ианеицәажәоз, аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Қырҭтәылеи Украинеи ирҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнагаз агрессиа дазааҭгылеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Америка Аҳәынҭқарратә департамент.

Аинформациа ишану ала аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Қырҭтәылеи Украинеи ирҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнагаз агрессиа дазааҭгылеит.

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа аиқәшаҳаҭра ҿыц  «старти»  абџьарлеибыҭара ахылаҧшра арҕәҕәара ахымҧадареи иалацәажәеит.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит ахада Баиден Америка атәылауаа ринтересқәа рыхьчаразы аӡбара шидикылаз, Америкеи уи адгылаҩцәеи ринтересқәа ирҧырхагоу Урыстәыла ахымҩаҧгашьа аҭак шаиҭо.

«Абри азҵаара иаҵанакуеит Пол Уилани Тревор Риди рхақәиҭтәрагьы, дара аҩныҟа, Америкаҟа ихынҳәыроуп. Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ  2020 шықәсазы Америка имҩаҧгаз алхрақәа рҿы Урыстәыла аҽалагареи, Қырҭтәылеи Украинеи ирҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнагаз агрессиеи, Алеқсеи Навальни ашҳам иҭареи, Соларвиндс иҟалаз аинциденти далацәажәеит», —  иануп аҳәамҭаҿы.