Аҳәынҭминистр лаппарат - Ҳгәалсра дууп ампыҵахаларатә режим хаҭарнакцәа Гал араион иҟоу ашколқәа рҿы ақырҭуа бызшәала аҵаразы азин амҭара аӡбара ахьрыдыркылаз
Аҳәынҭминистр лаппарат - Ҳгәалсра дууп ампыҵахаларатә режим хаҭарнакцәа Гал араион иҟоу ашколқәа рҿы ақырҭуа бызшәала аҵаразы азин амҭара аӡбара ахьрыдыркылаз

Ҳгәалсра дууп ампыҵахаларатә режим хаҭарнакцәа Гал араион иҟоу ашколқәа рҿы ақырҭуа бызшәала аҵаразы азин амҭара аӡбара ахьрыдыркылаз, – иануп Аҳәынҭминистр лаппарат  аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

“Қырҭтәыла анапхгареи жәларбжьаратәи аиҩызареи иҟарҵаз ааԥхьара иахәамԥшыкәа, импыҵахалоу арегионқәа рҿы, лымкаала Галии Ахалгории араионқәа ирықәынхо ауааԥрыса ашьаҭатәи рзинқәа, ахатәы бызшәала аҵара аиура азини уахь иналаҵаны, реилагара. Ари жәларбжьаратәи анормақәеи апринципқәеи еиланагоит. Абри еиԥш изакәаным ахымҩаԥгашьа Урыстәыла ампыҵахаларатә режим шеишықәса рыбжьара имҩаԥнаго  адискриминациатәи арусификациатәи политика анагӡароуп, импыҵахалоу атерриториаҿ ақырҭуа ашьҭа аныхреи ауааԥсры рассимилиациеи ауп хықәкыс иамоу.

Ақырҭуа ган импыҵахалоу арегионқәа ирықәынхо ауааԥсыра рхатәы бызшәала аҵара аиуреи егьырҭ ашьаҭатәи рзинқәеи рыхьчаразы иалшо зегь ҟанаҵоит,” – иануп аҳәамҭа аҿы.