Аҳәынҭминистр лаппарат - Егрытәи ацҳаҿ иҟоу аиасырҭа аартуп, импыҵахалоу Аԥснытәи арегион иқәынхо ауааԥсыра аиасра рылшоит
Аҳәынҭминистр лаппарат - Егрытәи ацҳаҿ иҟоу аиасырҭа аартуп, импыҵахалоу Аԥснытәи арегион иқәынхо ауааԥсыра аиасра рылшоит

2021 шықәса ԥхынгәы 5 инаркны Егрытәи ацҳаҿ иҟоу аиасырҭа аартуп, импыҵахалоу Аҧснынтә Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылахь ма импықахалоу Аԥснышҟа ииасыр рылшоит аиҭаҵра азин змоу ауааҧсыра зегьы, – ари атәы аарыцҳаит Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи рзы Аҳәынҭминистр лаппарат аҟынтә.

Иацы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аланарҵәаз аинформациа инақәыршәаны, „Ампыҵахалатә режим ишьақәдыргылаз азакәандааратә аҧкрақәа аҧыхуп, зыӡбахәы ҳәоу аҧкрақәа инрықәыршәаны, ҧаса, аиҭаҵра азин роур рылшон  иалкаау категориақәак  (зықәрахь инеихьоу ауааҧсыра, атәынчуаа,  аҭахра ҷыдақәа змоу ауааҧсыра, уб.егь.). Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылахь аиасра ҟалоит акоронавирус иадҳәалоу арегулиациақәа рықәныҟәара  ала”.