Аҳақьым Зураб Ԥаӷава Михеил Саакашвили игәабзиара амониторинг азы иаԥҵаз аконсилиум аанижьит
Аҳақьым Зураб Ԥаӷава Михеил Саакашвили игәабзиара амониторинг азы иаԥҵаз аконсилиум аанижьит

Аҳақьым Зураб Ԥаӷава Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили игәабзиара амониторинг азы иаԥҵаз аконсилиум аанижьит.

Ԥаӷава Актәи аканал ахь ишааицҳаз ала, аконсилиум аанижьит игәабзиара аҭагылазаашьа иахҟьаны. Иажәақәа рыла жьҭааразы акоронавирус ицәа иалалеит.

“Сгәабзиара аҭагылазаашьа амзызла аконсилиум аансыжьит. Асабшаҽны Апенитенциатә система адепартамент аиҳабы адырра исҭан, ари зыхҟьаз иасҳәеит. Жьҭааразы акоронасирус ҿыскааит, сгәабзиара сырҽеироуп,” – иҳәеит Ԥаӷава.