Аҳҭнықалақь ахада аҳаҭыр зқәу қарҭаа аҳамҭақәа ранаишьеит,
Аҳҭнықалақь ахада аҳаҭыр зқәу қарҭаа аҳамҭақәа ранаишьеит,

Аҳҭнықалақь Сакребуло аҿы 2021 шықәсатәи аҳаҭыр зқәу қарҭаа рҳамҭатәра ацеремониа мҩаԥган.

Covid-19 апандемиа иахҟьаны ишьақәгылоу арегулиациақәа рыла, аҳамҭатәра ацеремониа ателехәаԥшрақәеи асоциалтә каҭақәеи рыла иддырбеит. Қарҭ ахада Каха Калаӡе аҳамҭатәра ацеремониаҿ дықәгылеит.

Калаӡе иажәақәа рыла, аҳаҭыр зқәу қарҭаа рстатус анашьара арҭ ауаа Қарҭ аҿиара аус аҿы ралагала ду иабзоуроуп.

Қарҭ аҳаҭыр зқәу атәылауаҩ ихьӡ ранашьан: Рисмаг Гордезиани, Акаки Надареишвили, Иракли Ԥавленишвили, Рамаз Ҟурашвили, Давид Кваҷаӡе, Лили Кинҵурашвили, Елгуџьа Бурдули, Паата Кервалишвили, Инга Џьибути, Бадри Қуҭаҭелаӡе, Григол Чигогиӡе, Давиҭ Мусхелишвили, Гиви Ӷамбашиӡе.