«Аҕмашенебели истратегиа» ахаҭарнакцәа ацҳәаражәҳәаҩцәа ржәылара иақәшаҳаҭым

Сара ацҳаражәҳәаҩцәа ржәылара сақәшаҳаҭым, уажәтәи аҭагылазаашьаҿы уи ииашоуп ҳәа сгәы иаанагом, —  иҳәеит апартиа  «Аҕмашенебели истратегиа» алидер Гьаргь Вашаӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.

«Хазы хаҿык ма журналистк ихатә гәаанагара имазар ауеит. Сара уажәтәи аҭагылазаашьаҿы Америка ма Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ижәылара иақәшаҳаҭу аполитикатә партиак сыздырӡом. Абри аҩыза аҳәамҭа аполитик иҟаиҵазҭгьы, иаҳа схы сақәиҭны ахәшьара асҭон,  аха,  ажурналист ихатә гәаанагара имазар ауеит. Сара Келли Дегнани Карль Ҳарцели аиҿцәажәарақәа рҿы инарыгӡо ароли ари апроцесс ацхраареи азыҳәан ҭабуп ҳәа расҳәоит», — иҳәеит Гьаргь Вашаӡе.

Ишыжәдыруа ала, ателееилахәыра  «Мҭавари» ашьаҭаркҩы Ника Гварамиа Қырҭтәыла аус зуа ацҳаражәҳәаҩцәа аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ишакәым ала дрыхцәажәеит. Гварамиа ишиҳәо ала,  «уажәтәи анапхгара хымҧада иҧыхзаауеит, аха, ацҳаражәҳәаҩцәа  антиақырҭуа рхымҧаҧгашьазы аҭамзаара ашьҭаҵара рықәшәоит».  Иара убас, Гварамиа ишиҳәаз ала, «аамҭа-аамҭала ацҳаражәҳәаҩ Дегнан лҟынтә ааха иоуеит, лара лхаҭыҧуаҩ  Гаргь Руруа бџьартә банда анапхгаҩы ҳәа изиҳәеит».

Гварамиа иажәақәа рыла, «Ҳарцели Дегнани рхымҩаҧгашьа ауп Мраҭашәара иаҧырхагоу, избанзар дара  «атҟәацәа рыла ахәаахәҭра» иалахәып,  «Ақырҭуа гәахәтәы» аинтересқәа рыхьчаразы атҟәацәа еиҭнырыҧсахлоит.