Агәабзиарахьчара аминистрра ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟанаҵеит алаҵа аҟаҵаразы мап рцәыркыр, мапкра амзыз ашҟәы ианҵаны, адокумент Ахылаҧшра агентра ма аминистрра адкыларҭаҿы аанрыжьырц
Агәабзиарахьчара аминистрра ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟанаҵеит алаҵа аҟаҵаразы мап рцәыркыр, мапкра амзыз ашҟәы ианҵаны, адокумент Ахылаҧшра агентра ма аминистрра адкыларҭаҿы аанрыжьырц

Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирус аҽыхьчаратә вакцинациа иадҳәаланы атәылауаа агәҽанҵара рнаҭоит.

«Атәылаҿы зегьирзеиҧшу авакцинациа апроцесс активла имҩаҧысуеит, алаҵа ҟазҵаз ауаа рхыҧхьӡара есымша иацлоит. Аха, зны-зынла, алаҵа аҟаҵаразы инеиз ауаҩҧсы, еиуеиҧшым амзызқәа рыла авакцинациазы мап ицәыркуеит,  аха, абарҭ амзызқәа апротокол ианашьашәалам афактқәагьы иҟоуп.

Агәабзиарахьчара аминистрра ауааҧсыра ирыҳәоит алаҵа аҟаҵаразы мап рцәыркыр,  мапкра амзыз ахьарбоу адокумент иаҳәарц,  анеҩс,    ирырҭо адокумент  Амедицинатәи афармацевтикатәи усура ахылаҧшра агентра [email protected],  ма аминистрра адкыларҭашҟа идәықәырҵарц. Агентра ма аминистрра адокумент аҿы иарбоу амзыз ҭҵааны,  ишьақәдыргылоит ауаҩҧсы алаҵа изыҟаҵара иҟалозу иҟамлозу. Апандемиеи авирус аларҵәара арбга дуи амшала,  уажәазы,  авакцинациа – ауаҩы иҧсҭазаареи игәабзиареи ахьчаразы альтернатива змаз хархәагоуп», — иануп аҳәамҭаҿы.