Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, акоронавирус аларҵәара ашыкьымҭа ҟалоит лаҵара агәҭаны
Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, акоронавирус аларҵәара ашыкьымҭа ҟалоит лаҵара агәҭаны

Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниа ишылҳәаз ала, акоронавирус ала ичмазаҩхо ауаа рхыҧхьаӡара ацлара иаҿуп, убри аҟынтә, ауааҧсыра апревенциатә ҭагылазаашьақәа зегьы ирықәныҟәалароуп.

«Иааиуа амшқәа рзы  есымша  1000  –  1500  афакт ҿыцқәа ҟалар ауеит. Аҧсҭбара арбагақәагьы рыцлоит. Убри аҟынтә, апревенциатә уснагӡатәқәа хшыҩзышьҭра ҷыда рзутәуп», — илҳәеит Ҭамар Габуниа.

Лара лажәақәа рыла, агоспитальтә сектор аҿы  6 нызқь аҭыҧқәа иҟоуп,  урҭ рҟынтә уажәазы иҭацәуп   1500.

Агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ ишылҳәаз ала, акоронавирус аларҵәара ашыкьымҭа иазыҧшуп лаҵара агәҭаны.