Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара авакцинақәа  «Синофарми»  «Синоваки» равторизациа иазку аӡбара аднакылоит иааиуа амчыбжь азы
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара авакцинақәа  «Синофарми»  «Синоваки» равторизациа иазку аӡбара аднакылоит иааиуа амчыбжь азы

 

Амедикаментқәеи авакцинақәеи ахәшьара рыҭара азҵааразы Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара агенералтә директор ицхырааҩ  Марианджела Симао ишылҳәаз ала,  Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аекспертцәа  «Синофарми»  Moderna-и авакцинақәа рыҭҵаара иаҿуп.

Лара лажәақәа рыла, иаиуа амчыбжь азы, аекспертцәа даҽа вакцинак –  «Синовак» ахәшьара аҭаразы еизоит. Зыӡбахәы ҳәоу  авакцинақәа ирызку аҵыхәтәантәи аихшьаала цәырыргоит иааиуа амчыбжь анҵәамҭанӡа.

«Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аекспертцәа  «Синофарми»  Moderna-и авакцинақәа рыҭҵаара иаҿуп. Иаиуа амчыбжь азы, аекспертцәа даҽа вакцинак –  «Синовак» ахәшьара аҭаразы еизоит. Зыӡбахәы ҳәоу авакцинақәа ирызку аҵыхәтәантәи аихшьаала цәырыргоит иааиуа амчыбжь анҵәамҭанӡа. Ишәарҭам, алҵшәа зхылҵуа авакцинақәа адунеи аџьармыкьаҿы рхархәаразы азин раҳҭароуп, избанзар авакцинақәа рыла атәылақәа реиқәыршәара аганахьал аҭагылазаашьа ҭышәынтәалам», — илҳәеит  Марианджела Симао.