Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара апандемиа зыхҟьаз амзызқәа реилкааразы аҭҵаарақәа аҩбатәи асериа мҩаҧнагоит
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара апандемиа зыхҟьаз амзызқәа реилкааразы аҭҵаарақәа аҩбатәи асериа мҩаҧнагоит

 

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара акоронавирус апандемиа зыхҟьаз амзызқәа реилкааразы аҭҵаарақәа аҩбатәи асериа амҩаҧгаразы аҽазыҟанаҵоит. Абри атәы иануп Агәабзиарахьчара адунеизегеьтәи аиҿкаара апресс-маҵзура аҳәамҭаҿы.

«Аҳәынҭқаррақәа зегьы аусеицуразы аколлективтә ҭакҧхықәра рыдуп. Аҵарауааи аекспертцәеи аҵыхәтәантәи ашәышықәсазы зегьы реиҳа ишәарҭоу апандемиа зыхҟьаз амзызқәа реилкааразы иашьашәалоу ақәыҧшылара рзеиқәыршәазароуп. Иарбанзаалак апатоген ҿыц ахыҵхырҭа аҧшаара  —  аҵарадырра ашьаҭала имҩаҧысуа, аусеицуреи ахамеигӡареи аамҭеи зҭаху   иуадаҩу процессуп», — иануп аҳәамҭаҿы.

2021 шықәса ҧхынгәы азы, Китаи анапхгара, Китаи аҵакырадгьыл аҿы COVID-19  ахыҵхырҭа аҭҵаара  аҩбатәи аетап амҩаҧгара иазкны Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиаҿкаара ала еиқәыршәоу аплан мап ацәыркит.