Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара  - Апандемиа аҩбатәи ашықәс иаҳа иуадаҩхар ҟалап
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара  - Апандемиа аҩбатәи ашықәс иаҳа иуадаҩхар ҟалап

 

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаараҿы ишаарыцҳаз ала, апандемиа аҩбатәи ашықәс иаҳа иуадаҩхар ҟалап. Абри аҳәамҭа ҟаиҵеит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аҷыда ҭагылазаашьақәа рзы апрограмма анапхгаҩы Маик Раиан.

Иара ишиҳәаз ала, қәҿиарала авирус аҿагыларазы, атәылақәа зегьы рҧышәа ҭҵааны, азеиҧш азнеишьа шьақәыргылатәуп.

«Авирус аларҵәара адинамикеи егьырҭ афакторқәеи ҳрыхәаҧшыр, апандемиа аҩбатәи ашықәс иаҳа иуадаҩхар ҟалап ҳәа ҳҳәаратәы иҟоуп.  Убри аҟынтә, ҳара атәылақәа зегьы рҿы алҵшәа бзиа зхылҵыз афакторқәа ҭҵааны, азеиҧш азнеишьа шьақәҳаргылароуп.  Атәыла рацәа рҿы аҧсшьарамшқәа раан аҭагылазаашьа еицәахеит. Уажәазы абарҭ атәылақәа апациентцәа рхылаҧшра асистема аус адырулоит, избанзар апациентцәа рацәахеит, урҭ ирхылаҧшыроу», — иҳәеит Раиан.

Иахьа Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аҷыда ҭагылазаашьақәа ркомитет анеҩстәи аилатәара мҩаҧысуеит. Аекспертцәа аҭагылазаашьа ҭҵааны, аҿыц абжьагарақәа ҟарҵоит.