Агәабзиара адунеитә еиҿкаараҿ иақәгәыӷуеит жәабран анҵәамҭанӡа акоронавирус азы алаҵақәа атәылақәа зегьы ироуеит ҳәа
Агәабзиара адунеитә еиҿкаараҿ иақәгәыӷуеит жәабран анҵәамҭанӡа акоронавирус азы алаҵақәа атәылақәа зегьы ироуеит ҳәа

Агәабзиара адунеитә еиҿкаара анапхгаҩы Тедрос Адҳаном Гебреисесус атәылақәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аколлективтә ҭакԥхықәра аадырԥшырц азы.

Агәабзиара адунеитә еиҿкаара анапхгаҩы аиҳабырақәеи, ааглыхцәеи, атәылауаҩратә уаажәларрақәеи адоуҳаныҟәгаҩцәеи рахь ааԥхьара ҟаиҵеит амассатә вакцинациазы рҽазыҟарҵарц.

Гебреисесус иажәақәа рыла, алаҵа атәылақәа Агәабзиара адунеитә еиҿкаара аплатформа «Ковакс» ала ирзыршоит.