Афашизм аҵархара амш иазкыз акциеи аконтракциеи рҿы иаанкылоу ауаа зегьы ашәҟәы ашьаҭа ала иоурыжьҭит
Афашизм аҵархара амш иазкыз акциеи аконтракциеи рҿы иаанкылоу ауаа зегьы ашәҟәы ашьаҭа ала иоурыжьҭит

Иахьа Қарҭ, Ваке апарк иаҧшу аҵакырадгьыл аҿы,  афашизм аҵархара амш иазкыз акциеи аамҭакала имҩаҧысуаз  аконтракциеи рҿы аполициа аусзуҩцәа хәҩык ааныркылеит, аӡәы агәҽанҵара ирҭеит, –  ари аинформациа иалнарҵәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Аминистрра аинформациа инақәыршәаны, иаанкылоу руаӡәы админситративтә зинеиҿкаара аилагаразы даанкылан,  егьи асоветтә символика ахархәаразы агәҽанҵара ирҭеит. иара убас, аконтракциа ҧшьҩык алахәылацәа  ахулиганразы иаанкылан.

Аубсрҭа адыррақәа рыла, уажәазы рызынтәгьы,  ашәҟәы ашьаҭа ала,   рхы иақәиҭуп. Урҭ рзы административтә ус хьацыркуп.